Аԥсны

Гәлиа имҩаҿы ашәарҭара зҵаз аевкалипт ҵла ԥырҟоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Аҟәа, Гәлиа имҩаҿы Аинвестпрограммала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа зықәра акыр инеихьоу аевкалипт ҵла ду хырҵәар акәхеит, ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара анхарҭа-нхамҩатә департамент.
Гәлиа имҩаҿы ашәарҭара зҵаз аевкалипт ҵла ԥырҟоит
Аевкалипт адацқәа уажәазы уа иҟоу ақәаршыҩцарҭа иалаԥан иҟан, иагьыԥхасҭанатәхьан. Уи адагьы ааигәа игылаз ахыбра аҭыӡқәа ҵнарбгар ҟалон, ҳәа аҳәоит адырраҭара. Иара убасгьы, иуашәшәырахахьоу аҵла амҩатә ныҟәара ашәарҭара иҭанаргылон.
Аекологиаз Аҳәынҭеилакы ақәыршаҳаҭны иӡбан аевкалипт хҵәаны аҵла ҿыц аиҭаҳара.
Ақалақьуаа аҵлақәа ахьԥырҟо азы агәынамӡарақәа шаадырԥшуа азгәаҭаны Адепартамент Ауаажәларратә палата алахәылацәагьы ирыҿцәажәеит, аилибакаара роуит.
Ақалақь амаҵзурақәа аҵла ахҵәара нап адыркит.