Аԥсны

Пицунда ргәы иҭоуп хә-еҵәак змоу асасааирҭа аргылара

Гагра араион ахада Иури Хагәышь Аԥсны ахада иҿаԥхьа ажәахә ҟаиҵеит ԥхынҷкәын 8 азы.
Sputnik
ГАГРА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Хә-еҵәак змоу асасааирҭа Пицунда аргылараз апроект иалацәажәоит. Абри атәы иҳәеит Гагра араион ахада Иури Хагәышь Аԥсны ахада имҩаԥигоз аилацәажәараҿы.
"Уаанӡа зеиԥш ҟамлацыз аинвистициатә проект ду – хә-еҵәак змоу асасааирҭатә комплекс аргылара апроект азырхиара иаҿуп. Аинвистициақәа 20 миллиард мааҭ итәоит", - иҳәеит Хагәышь.
Иара иазгәеиҭеит, ашықәс аҩнуҵҟа 150 000-ҩык атуристцәа рыдкылара шазыԥхьагәаҭоу, зқьы рҟынӡа аусурҭатә ҭыԥқәа шыҟало.
"Ари апроект анагӡара хра амоуп ақыҭанхамҩа аарыхцәа рызгьы араион анҭыҵтәи аргыларатә материалқәа рыҭыҩцәеи, анардадаҩцәеи рызгьы", - ҳәа иҳәеит араион ахада.
Асеиԥш иҟоу аргылара аҟынтәи ашәахтәқәа ашықәс аҩнуҵҟа 400 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ахәҭак араион абиуџьет иазоужьхоит иҳәеит Хагәышь.