"Уаҟа даара иҳаракны зусура шьақәыргыланы измоу амаҵзура ыҟоуп. Иара убас, Урыстәыла зегьы ахьынӡанаӡааӡо иреиӷьу аветеринартә ҵараиурҭа ыҟоуп. Ҳзанааҭ ахь инеиуа аҿар маҷуп, уи аганахьала ауадаҩрақәа ҳамоуп. Ари азҵаара ӡбатәуп, избанзар, ас ҳашцо хара ҳазнеиӡом. Аӡәы игәы иаанагар ҟалоит аветеринартә маҵзура зызку арахә рыхәшәтәра мацара ауп ҳәа, аха ус акәӡам, ҳара ҳнапы иануп ахшлых, аԥсыӡ уҳәа афатәқәа ргәаҭара. Ҳара хьаас иҳамоу Аԥсныҟа иаауа афатә, мамзаргьы араҟа аџьармыкьахь инарго, хылаԥшра аҭара. Абри азы даара аҵак ду амоуп ҳара ҳзанааҭ. Аха иахьатәи аҿар иалырхуа даҽакуп. Агәыӷра ҳамоуп аҭагылазаашьа аҽеиҭанакып ҳәа. Изықәнагоу амаругақәа аҳәынҭқарратә лабораториазы аахәара иаҿуп аҳәынҭқарра абзоурала, аха уи аус адуларазы иаҭаххоит аспециалистцәа разыҟаҵара, уи азы аҵак ду амоуп урыстәылатәи ҳколлегцәеи ҳареи иҳабжьаҳҵаз аусеицуразы аиқәшаҳаҭра", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.