Аԥсны

Тҟәарчал амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы жәиԥшь шықәса зхыҵуаз далаблит

Заанаҵтәи адыррала амцакра зыхҟьаз арԥхага ауп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8- Sputnik. Иаха Тҟәарчал амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы жәиԥшь шықәса зхыҵуаз далаблит, ҳәа аанацҳаит Аԥсны АҶА.
Ԥхынҷкәын 8 азы Тҟәарчал, Арӡынба имҩаҿы абылра ҟалеит ҳәа асааҭ 3:38 рзы аусбарҭахь адырра ҟаҵан.
Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә хәҭақәа хԥа, урҭ уахь ианнеиз амца ауаҭахқәа иамҿханакхьан. Дҭахеит 14-шықәса зхыҵуаз аҷкәын. Аиқәырхаҩцәа ишырҳәо ала иара дхәаҽны дыԥсит.
Заанаҵтәи адыррала амцакра зыхҟьаз арԥхага ауп.