Аԥсны

Аҟәа Асанепидстанциа агәаҭарақәа мҩаԥнагоит аԥкрақәа иахьынӡарықәныҟәо аилкааразы

Аҟәа ахадараҿы аоперштаб аилацәажәара мҩаԥысит аҿкчымазара аԥырҟәҟәаара азҵаарақәа рыӡбаразы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9- Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба аҳҭнықалақь асанитар ҳақьым хада лнапы ианиҵеит ашколқәа, абанкеттә залқәа, ақьафурҭақәа рҿы иааларҟьаны агәаҭарақәа мҩаԥгазарц асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭҵаарази аныҳәатә хәылԥазқәа разыԥхьагәаҭара аарԥшрази. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа лажәақәа рыла, ачымазара змоу аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳаит, арҵаҩцәа рыбжьара акәзар COVID-19 змоу еиҵахеит.
Аԥсны
Бжьаниа алаҵа ҟазымҵо аҵарадырра аусхк аусзуҩцәа русура иамырхырц рыдигалеит
723 –ҩык арҵаҩцәа рҟынтәи 140-ҩык алаҵа ҟарҵахьеит.
Аиҳараҩык акоронавирус рыдбалоуп ахԥатәи ашкол 5-7 аклассқәа рҵаҩцәа. Ҭаркьылԥҳа ажәалагала ҟалҵеит мчыбжьык аҩнуҵҟа аҵаратә усҳәарҭа хәҭа-хәҭала иаркызарц.
Беслан Ешба иара убасгьы дазааҭгылеит, ауаа рацәа ирныруа агәабзиарахьчара, аҵарадырра, асоциалтә усбарҭақәа рҿы аус зуа ауаа алаҵа ҟарҵаразы азҵаара.
"Ухаҟынтә уалагароуп. Аӡәгьы илшом аӡәы алаҵа ҟаҵа ҳәа абжьгара иҭара". - ҳәа иҳәеит иара. Иахәҭоу ацәеижьҿагылаҩаӡареи амедицинатә рбагақәеи рыла азин амамзаареи роуп алаҵа аҟамҵара азин ҟазҵо иҳәеит Ешба.