АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аиқәырхаҩцәа Тҟәарчал ашьхара, Хәыхәын ахәаҿы иӡыз, 28 шықәса зхыҵуа Мадина Аргәынԥҳа дрыԥшааит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА аҿы.
Ашьхараҿы асы леихьеит, аҭыԥҳа ахьҭа дакны дҭахар ҟалон ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Очамчыреи Тҟәарчали рыԥшааратә хәҭақәа аԥшаарақәа ирылагеит ԥхынҷкәын 8 асааҭ 14:48 ашьҭахь.
Аҭыԥҳа лыԥшаара иаҿын Хәыхәыни ашьхареи иахьрыҵанакуаз аҭыԥқәа рыҟны.