Аԥсны

Аԥсны иалыркааит 2021 ашықәс азы иреиӷьу асахьа

Аԥсны Акультура аминистрра аԥхьахә "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" анашьара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит ԥхынҷкәын 9 азы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асахьаҭыхыҩ Виссарион Ҵәыџьба иусумҭа "Анатиурморт" арҿиаратә хеилак алахәылацәа рыӡбарала актәи аҭыԥ агеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал аҿы имҩаԥысуаз ацәыргақәҵаҟны.
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьба акарантин аамҭаз иаԥҵаз иусумҭақәа ирызкны
Аҩбатәи аҭыԥ ианашьан Витали Џьениа, аусумҭа "Викториа" азы, ахԥатәи – Аԥшьа Ҳагԥҳа "Уахынлатәи ацәажәара" азы.
Аԥсны Акультура аминистр Гудиса Агрба аицлабра иалахәыз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит апандемиа иахҟьаны аԥхьахәҭара иазкыз аусмҩаԥгатә ахышәа-аҿышәара шырԥсахыз.
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩреи иҟоу аԥкрақәеи инарыдҳәаланы ацәыргақәҵа иалахәыз аиҿкааҩцәеи аԥхьақәқәа згаз асахьаҭыхыҩцәеи ажурналистцәеи мацара ракәын.
1 / 5

Аԥсны иалыркааит иреиӷьу ашықәс асахьа

2 / 5

Аԥсны иалыркааит иреиӷьу ашықәс асахьа

3 / 5

Аԥсны иалыркааит иреиӷьу ашықәс асахьа

4 / 5

Аԥсны иалыркааит иреиӷьу ашықәс асахьа

5 / 5

Аԥсны иалыркааит иреиӷьу ашықәс асахьа

"Даара иаҳҭахын арахь изҭахыз зегьы ааир, аха уажәазы уи ҳзалыршом. Ҳгәыӷуеит хара имгакәа аҭагылазаашьа аҽаԥсахып ҳәа. Гәыкала алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит", - ҳәа иҳәеит акультура аминистр.Ацәыргақәҵатә зал адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит ашықәс азы иреиӷьхаз аусумҭа алкаара аинтерес ду шаҵоу.
"Ацәыргақәҵахь иааиуа уаанӡа иалкаау усумҭақәоуп. Убри азы ишьақәыргылоу аҭыԥқәа ирхыҳәҳәаргьы ауеит. Сынтәа аҽа ҩ-рҿиамҭакгьы алыркааит акомиссиа", - ҳәа лҳәеит лара.
Аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан Диана Хынҭәԥҳа лусумҭа "Ауада" азы, Сабина Кәарҷелиаԥҳа лусумҭа "Ааԥынтәи ашәҭқәа" азы.
Арадио
Арсалиаԥҳа "Аиҟәгара-аҟазара" иазкны: аҽалархәхаразы агәаҳәара зызцәырнагаз маҷым
Актәи аҭыԥ иаԥсахаз Виссарион Ҵәыџьба иҳәеит ацәыргақәҵа ныҳәак ишаҩызоу асахьаҭыхыҩцәа рзы еиԥш абзиабаҩцәа рызгьы.
"Адунеи зымҽхазкыз ачымазара ҳаԥсҭазаара зегьы ианыԥшуеит. Ари акультуратә хҭысқәагьы ираҩымсит. Дара акыр имаҷхеит. Ус шакәугьы асеиԥш иҟоу аусқәа аԥсҭазаара шаанымгыло удырбоит", - иҳәеит асахьаҭыхыҩ.
Аԥсны Акультура аминистрра аԥхьахә "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" анашьара аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит 2001 шықәса раахыс Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла адгыларала.