Аԥсны

Гагра ақалақь аҟны ахатәыҩны блит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Гагра, Лакоба имҩаҿы ԥхынҷкәын 8 азы ахатәыҩны ахыб амца акит ҳәа аанацҳаит Аԥсны АҶА.
Амцакра ҟалеит ҳәа аусбарҭахь аҭел иасит ԥхынҷкәын 8 асааҭ 20:07 азы. Амцарцәара мҩаԥыргон Гагра амцарцәаратә хәҭақәа ҩба.
Аҩны ахыби ауадақәа руаки блит. Ауааԥсыра ԥырхага рмоуит.