Арадио

Гәынԥҳа алаҵаҟаҵаразы: аамҭа хәыҷы-хәыҷла уи ҳазнанагоит

Гагратәи ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы Атәыла ахада ирыдигалаз аҵарадырра аусх аҟны аус зуа аҿкчымазаразы алаҵа ҟазымҵо русурақәа рамырхыразы ахҳәаа алҭеит.
Sputnik
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ирыдеигалеит аҵарадырра аусх аҟны аус зуа аҿкчымазаразы алаҵа ҟазымҵо русурақәа иамырхырц. Абри атәы иҳәеит, ԥхынҷкәын 8 азы Гагра араион анапхгареи активи алархәны имҩаԥгаз инарҭбаау аилацәажәараҿы.
Хана Гәынԥҳа илҳәеит лареи лҭаацәеи алаҵа шыҟарҵахьо атәы, уи ишадгыло.
"Аԥсны аҳәынҭқарра ахада сахьизыӡыруаз иажәақәа шеилыскааз абас ауп: Гагра араион ахы-аҵыхәа 40 000 рҟынӡа иқәынхоит, урҭ рахьынтә 1 300-ҩык роуп алаҵа ҟазҵахьоу. Атәыла ахада иазгәаиҭеит, ас еиԥш ҟалашьа шамам ауаа ргәабзиара ахьчаразы. Арҭ ауаа аԥсҭазаара иаҿагылоума ҳәа азҵаарагьы ықәиргылеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ауаа, хымԥада, алаҵаҟаҵара иазааҳгароуп ҳәа. Сара убыс ауп ишсыдыскыло уи. Ҳашкол аҿы аус руеит 46-ҩык арҵаҩцәа. Урҭ рахьынтә 30% алаҵа рыларҵахьеит. Зынӡа алаҵа иаҿагыло рацәаҩӡам. Хаҭала сара сколлегацәа ԥыҭҩык ирабжьазгахьеит алаҵаҟаҵара. Ажәлар ргәабзиара ахьчара зылшо, иарбанзаалакгьы чымазара бааԥсы аҟынтә, алаҵоуп. Аамҭа хәыҷы-хәыҷла уи аҿы ҳнанагоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәынԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.