Аԥсны

Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылагоит ԥхынҷкәын 20 инаркны

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба "Ашықәс ҿыц азтәи ауснагӡатәқәа реиҿкааразы" аусдҵа инапы аҵеиҩит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Азеиԥшқалақьтә ныҳәатә ԥсаӡи аныҳәатә уснагӡатәқәеи Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы рымҩаԥгаара аадыртуеит 2021 шықәса ԥхынҷкәын 20 инаркны. Имҩаԥыслоит 2022 шықәса ажьырныҳәа 15 аҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.
Азеиԥшқалақьтә ныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аусутә гәыԥ напхгара аиҭоит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ, аекономикатә ҿиара Адепартамент адиректор Леон Кәарҷиа.
Ауснагӡатә аиҿкаареи аӡыргареи аҟәша ԥхынҷкәын 20 аҟынӡа Аҟәа ақалақь арԥшӡарақәа мҩаԥнагароуп.
Аекономикатә ҿиара Адепартамент анапы иануп 2021 шықәса ԥхынҷкәын 20 инаркны 2022 шықәса ажьырныҳәа 15 аҟынӡа Ахақәиҭра ашҭаҿы аныҳәа иаҭаауа рзы еиҿыркаарц акрыфарҭатә ҭыԥқәа.
Убри аан аҳамҭаҷқәа, ахәмаргақәа, арҭҟәацгақәа, арыжәтә џьбара рыҭира ҟалом, иара убас амалакәырқәа, амаланыҟәақәа, ахәыҷтәы дәыӷбақәа, афымцамашьынақәа русуразы азин ыҟам.