Аԥсны

Аҟәатәи ашкол аҟны амедицинатә хырхарҭала акласс аадыртуеит

Урыстәыла Аҵарадырра академиа аҟазауаа ари апроект аҭҵаарадырра-методикатә цхыраара арҭалоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Амедицинатә хырхарҭала акласс аадыртуеит аҟәатәи ашкол №1 аҟны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны
Аҵара аминистрреи Урыстәыла Аҵарадырра академиеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩуеит
Урыстәыла Аҵарадырра академиа аҟазауаа ари аҩыза акласс аҭҵаарадырра-методикатә цхыраара арҭалоит. Абри атәы рыӡбеит Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиеи, Урыстәыла Аҵарадырра академиа ахада Ольга Васильевои уи лхаҭыԥуаҩ Геннади Онишьенкои реиԥылараан.
Урыстәыла Аҵарадырра академиа ахьӡала апроект хылаԥшра аиҭалоит Геннади Онишьенко.