Аԥсны

Баҭал Ҷежьиа иаҵахара ашьҭахь раԥхьатәи ақәгылара Краснодар имҩаԥигоит

Аԥсуа спортсмен дызлахәу, ишиашоу ицо аефир ддырбоит аканал РЕН-ТВ ала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Баҭал Ҷежьиеи Аиуб Бузуркаеви ареитингтә еиндаҭлара мҩаԥыргоит ԥхынҷкәын 25 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада Алик Карди-оӷлы.
Ақәгылара дырбара иалагоит асааҭ 18:00 рзы.
"Краснодар имҩаԥысуеит ф-раундк иҟоу аиндаҭлара. Бузуркаев аԥышәа змоу спортсменуп. Ари Баҭал Олег Мисиура диҵахежьҭеи имҩаԥиго раԥхьатәи еиндаҭлароуп. Уажәы аиааира игар иоуеит атитул азы ақәгылараз алшара", - иҳәеит иара.
Баҭал Ҷежьиеи Аиуб Бузуркаеви 79 кьыла иҟоу ркатегориа иаҵанакуеит.
Аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиа иахьазы иқәгыларақәа 12 рҟынтәи жәынтә иааирала ихиркәшахьеит, знык даҵахахьеит, ҩынтә еиҭахарала. Ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи аславиан тәылақәеи дырчемпионуп.
Аԥсуа боксиор Баҭал Ҷежьиа атурнир Gazfight аҟны даҵахеит