COVID-19 "омикрон" аан ахымҩаԥгашьа иалацәажәеит

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтә еиҿкаара абҵарамза анҵәамҭазы акоронавирус омикрон-штамм узыцәшәаша акәны иазгәарҭеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Акоронавирус омикрон-штамм ачымазара "дельта" аасҭа акыр ирццакны иҿиоит. Абри атәы РИА Новости иазеиҭалҳәеит Г.Н. Габричевски ихьӡ зху Роспотребнадзор аепидемиологиеи амикробиологиеи Москватәи Ацентр аклиникатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Татиана Руженцова.
Урыстәыла акоронавирус омикрон-штамм здырбалаз ҟалеит
Руженцова лажәақәа рыла, аштамм ҿыц змоу апациентцәа агьамеи афҩи рцәыӡӡом. Ачымазара аиҳарак ибжьаратәны ма ихьанҭаны имҩасуеит.
Г.Н. Габричевски ихьӡ зху Роспотребнадзор аепидемиологиеи амикробиологиеи Москватәи Ацентр аҳақьым-терапевт Дариа Хавкина еиҭалҳәоит аштамм ҿыц змоу реиҳараҩык 20-30 шықәса рхыҵуеит ҳәа.