Аԥсны

Анапҟазацәа раалыҵ: астанциа "Гәыма" аҿы ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа аатит

Акультуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы аџьармыкьақәа аус рулоит ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа аԥсшьарамшқәа раан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еиуеиԥшым анаплыхқәа ахьцәырырго аџьармыкьа аадыртит акультуратә усмҩаԥгатәқәа рҭыԥ "Гәыма" аҿы асабша ԥхынҷкәын 11 рзы.
"Ҳара ԥхынҷкәынмзазы аԥсшьарамшқәа зегь раан имҩаԥаагаша аџьармыкьамшқәа зегьы рыплан ҟаҳҵахьеит. Иахьа 22-а алахәцәа ыҟоуп: асахьаҭыхцәа, акыц азҟазацәа, аԥара иазҟазоу уҳәа аӡәырҩы. Ара ирҭиуеит аҳамҭақәа рзы аҭрақәа, зыԥсы ҭоу ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡқәа. Шәара урҭ зегьы ара иаашәхәарц, шәгәалаҟазаара шьҭышәхырц шәылшоит", - лҳәеит акультуратә ҭыԥ "Гәыма" акуратор Шьарида Ҭыжәԥҳа.
1 / 4

Анапҟазацәа раалыҵ: астанциа "Гәыма" аҿы ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа аатит

2 / 4

Анапҟазацәа раалыҵ: астанциа "Гәыма" аҿы ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа аатит

3 / 4

Анапҟазацәа раалыҵ: астанциа "Гәыма" аҿы ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа аатит

4 / 4

Анапҟазацәа раалыҵ: астанциа "Гәыма" аҿы ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа аатит

Иааиуа аԥсшьарамшқәа раан "Гәыма" ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа аадыртуеит ҳәа адырра ҟалҵеит Ҭыжәԥҳа.
Аџьармыкьа аиҿкааҩцәа ауаа рфотоқәа ҭырхыр ахьрылшо аҭыԥгьы дырԥшӡеит, идыргылеит аԥсуа шәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа 1953 шықәса рзы иааихәаз ажәытә автомашьына "Победа". Ари амашьына дақәтәаны дныҟәалон иара иаб - аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа.
"Ҳара ҳхаҿы иааит абри автомашьына ԥшӡа абра иааганы ахыб аԥсаӡ ықәҵаны иҳаргыларц, европатәи афильмқәа рҿы ишаабало еиԥш. Абри аҩыза амашьына абаҳԥшаари ҳәа ҳшашьҭаз, Арзадин Агрба ишимаз еилаҳкааит, иаргьы уи ҳагәҭакы наҳагӡарц азы мап ҳцәиимкит. Иацы ихала иаҳзааигеит. Абас, абри аҩыза аекспозициа еиҿаҳкааит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭыжәԥҳа.
Аретро-автомобиль ари аҭыԥ аҭааҩцәа зегьы адеизалоит, игәырӷьаҵәа рфотоқәа ҭырхуеит.
Аԥсуа шәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа 1953 шықәса рзы иааихәаз ажәытә автомашьына "Победа".