Аԥсны

Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарала Аԥсны Ҟрым иаԥнагар алшоит

Урыстәыла ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан аӡәы хәымш иԥсшьаразы бжьаратәла 40 нызқь мааҭ иартәоит, амҩақьыра аламҵакәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik. Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы урыстәылатәи атуристцәа аԥсшьараз Краснодартәи атәылаҿацә ашьҭахь иалыркаауа хырхарҭахоит Аԥсны, абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа (АТОР) анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе.
Аԥсны
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы аԥсшьараз Аԥсны иалкаахаз хырхарҭахеит
Иазгәалҭеит, урыстәылатәи атуристцәа аныҳәа азгәаҭараз зегь реиҳа иалыркаауеит Краснодартәи атәылаҿацә ҳәа.

"Егьа ус акәзаргьы, Ҟрым хә-хырхарҭак ирылашәоит. Макьаназы еилкаам иааннакыло аҭыԥ аҩбатәи акәу иҵегь инаскьо. Аҩнуҵҟатәи атуризм аҿиара знапы алаку зегьы Аԥсны ахырхарҭа гәцаракны ирымоуп. Аныҳәақәа рзы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарала Аԥсны Ҟрым иаԥнагар алшоит", - лҳәеит Ломиӡе.

Лара лажәақәа рыла, иҵегь иалкаау ахырхарҭақәа ираԥхьагылоуп Москватәии Ленинградттәи аобластқәа, Санкт- Петербург, Карелиа, иара убас иалагалоу аԥкрақәа ирхьымԥшкәа иалырхуеит Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь - Казань.
Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа (АТОР) анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе лажәақәа рыла, аӡынразы Ҟрым анхарҭа аҿаҵарақәа рхыԥхьаӡара еиҵахоит, Ҟрым мрагыларатәи мраҭашәаратәи аԥшаҳәа ааигәара игылоу асасааирҭақәа зынӡагьы иадыркуеит, абри иахҟьаны ауп Аԥсны Ҟрым изаԥнаго.
АТОР: Аԥсны ашықәс ҿыц азы аԥсшьара зҭаху ҩынтәны еиҳахеит