Аԥсны

"Ҳаб аԥсуара ҳалаиааӡеит": ҳџьынџьуаҩ Гьиунгьиор Сергьегьиа изкны

Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҿы иаҳзеиҭалҳәоит Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа Калдахәара ҳәа изышьҭоу ақыҭан инхо, гәыла, ԥсыла, хымҩаԥгашьала аԥсуа леишәа здубало Гьиунгьиор Иашьар-иԥа Сергьегьиа иӡбахә.
Sputnik
Ашәышықәса инеиҳаны атәым дгьыл ахь иқәнагалаз аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа ҳкультура иацәыхароу аҵасқәа ишрылиаазгьы, урҭ реиҳабацәа ирыларааӡаз аԥсуара иахьагьы иныҟәыргоит. Аԥсны инхо аӡәырҩы ҳаасҭа еиҳа иӷьаҵәыӷьаҵәуа иашьҭоуп сҳәаргьы мцхом. Ари анҵамҭаҿы иӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа Калдахәара ҳәа изышьҭоу ақыҭан инхо, гәыла, ԥсыла, хымҩаԥгашьала аԥсуа леишәа здубало Гьиунгьиор Иашьар-иԥа Сергьегьиа.
Ахәышҭаарамца ахьеиқәу: Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара абзазара иазкны
Ҭырқәшәала Балбалы, аԥсышәала Калдахәара ҳәа зыхьӡ дыру ақыҭаҟны иахьа инхо 180 ҭӡы рахьтә 170 ҳџьынџьуаа роуп изтәу. Мшын нырцә иҟоу ҳашьцәеи ҳареи аимадара ҳабжьалеижьҭеи, Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа инеиуазаалакгьы ари ақыҭахь имҩахымҵкәа иҟамлац. Ажәытәтәи аамҭақәа раан, аиҳабацәа лымҳаҭасла акәызҭгьы рҭоурыхтә дгьыл аӡбахә шырдыруаз, уажәы ирымоуп алшара хаҭала иааны абара. Калдахәара ииз, иааӡаз Гьиунгьиор Сергьегьиа еиҭеиҳәеит дшыхәыҷызнатә ажәа аԥсадгьыл аҵакы шеиликаахьаз. Уи зыбзоуразгьы рҭаацәа рахь имҩахыҵуаз аиҳабацәа ракәын.
"Сара аашықәса схыҵуан саб ҳаҩны аҵаҟа адәқьани ачаижәырҭеи анхирты. Арахь есыҽны ишааилахәлоз имҩахыҵуан ҳқыҭеи зны-зынла анҭыҵи инхоз саб иқәлацәеи зықәра неихьаз абыргцәеи. Даара аинтерес сызцәырҵуан ианааидтәалоз еиҭарҳәоз ажәабжьқәа рзыӡырҩра. Џьоукы бзиа ирбаӡомызт аҭоурых алацәажәара, рабдуцәеи рабацәеи ирхыргаз арыцҳарақәа ргәы бжьнахуан азы, егьырҭ иԥкаауа реиҳабацәа ахҵәара ианақәшәа рхәышҭаарақәа ныжьны, Амшын еиқәа ӷбала еихҵәаны ишааргаз, амҩахь ачымазареи аԥсреи рлакҭа ишҭаԥшыз, Ҭырқәтәылаҟа ианаахгьы, раӷьырак ахыҵакырҭа рымамкәа ажәҩан иаҵаԥшуа адгьыл ишықәхаз. Амлеи ахьҭеи рзымчҳакәа зымч кәаданы иԥсыз анышә иахьамардоз анырмоулак атыша ишарҭоз. Абарҭқәа зегьы сшыхәыҷызгьы игәнызгон, аҭоурых еиҭазҳәоз рлакҭа хьанҭақәа иахьагьы сыла ихгылоуп", - иԥсадгьыл иадҳәалаз раԥхьатәи ажәабжьқәа шиаҳаз игәалашәоит Гьиунгьиор Сергьегьиа.
Гьиунгьиор Сергьегьиа
Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, атәым дгьыл ахь иахнагаз Гьиунгьиор иабду иабду Гәасеи хәышықәса зхыҵуаз иԥа Мусеи роуп. Аҭаацәа излардыруа ала, дара Қьефқьен иӡхыҵит, устәи Месудие ицеит, аамҭак ашьҭахь аԥсуаа ишьақәдыргылаз Калдахәара ақыҭахь иааит.
Гьиунгьор иаби иан Вааџьиде Аӡынԥҳаи хәҩык ахшара рхылҵит - хҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Зегьы дреиҳабуп аиаҳәшьа Иуџьаль.
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа: ҳахьыҟазаалакгьы, аԥсуара ҳарӡӡом
Иашьари Вааџьидеи есқьынгьы "ари деиҳабуп, ҳаҭыр лықәышәҵароуп, лҳәатәы хашәҵароуп" ҳәа рарҳәон аиҵбацәа Гьиунгьиори, Филизи, Ерқани, Оқани. Хазы ларгьы "арҭ хәыҷқәоуп, бырхылаԥшроуп" ҳәа анапынҵақәа лырҭон. Убри азоуп иахьа аӡәи-аӡәи еихӡыӡаауа изыҟоу.
"Ҳҭаацәа даара аԥсуара ныҟәызгоз уаан. Ҳқыҭаҟны ацәгьеи абзиеи рҿы ажәлар анеизоз, харантәи иааны ианзымцоз, агәылацәа рахь ашьҭалара иршьҭон. Исгәалашәоит, ҩымш-хымш зынӡа иаҳзымдыруаз анҳасасыз. Сан кәтызаҵәык лымазаргьы, асас иҿалҵон. Ҳаргьы убасҟан иаҳдырҵаз ала ауп ҳшымҩасуа", - иажәа иациҵоит сажәабжьҳәаҩ.
Гьиунгьиори, Гьиунаи, Ихсани Сергьегьиаа
Гьиунгьиор Сергьегьиа ашкол далгаанӡа, иара уи ашьҭахьгьы, акраамҭа иаб ичаижәырҭаҟны аус иуит. 25 шықәса раԥхьа, Германиантәи ҩаԥхьа Ҭырқәтәылаҟа иааз иаб иашьа Џьеваҭ ихшареи иареи еилахәны ашәқәеи аԥенџьырқәеи ахьыҟарҵо афабрика аартны аусура еицалагеит. Дара раалыҵқәа атәыла анҭыҵ, иаҳҳәозар, Европа, Африка, Урыстәыла рахь иршьҭуеит. Аишьцәа ирхылҵыз Гьиунгьиори, Гьиунаи, Ихсани афабрика еиҳабны иҟоуп, ааигәа даҽакы аус адыруит, уи дахагылоуп раҳәшьа Наалан.
Иашьар иашьа Џьеваҭ Сергьегьиа ихылҵыз Гьиунаи, Ихсани, Гьоқани, Наалани ракәзаргьы, Европа ишрызҳазгьы, зынӡагьы атәым культура рнубаалаӡом. Уреигәырӷьаратәы рхатәы бызшәа рҳәоит, аҵаси ақьабзи ныҟәыргоит.
Сергьегьиаа аишьцәеи аиҳәшьцәеи
Иахьа Аԥсны инхо Сергьегьиаа уиаҟара ирацәам, аха Ҭырқәтәыла анцәа ишиҳәара абиԥара ду еиҵагылоуп. Уаҟа абхьӡы ала Ҷыкьиԥацәа ҳәа рхы иазырҳәоит. Рџьынџьдгьыл аҿы иҟоу рашьцәеи дареи еибабо иалагеит 30 шықәса раԥхьа, зыжәлантәқәа рыӡбахә заҳаны рыԥшааразы Ҭырқәтәылаҟа ицаз ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа лубзоурала.
Аԥсуаа Калдахәара ҳәа изышьҭоу ҭырқәтәылатәи ақыҭаҟны 20 шықәса раԥхьа ҳџьынџьуаа иреизарҭа ҭыԥхаз акультуратә центр Адернеқь аартхеит. Абизнес знапы алаку аишьцәа Сергьегьиаа иреиуоуп ари ацентр ацхыраара азҭо, иара убас ақыҭа абзазара аиӷьтәра иадгыло.
1 / 3

Гьиунгьиор Сергьегьиеи, иԥшәма Фиқреҭ Чкокԥҳаи, рԥа Доачи

2 / 3

Гьиунгьиор Сергьегьиеи, иԥшәма Фиқреҭ Чкокԥҳаи, рԥа Доачи

3 / 3

Гьиунгьиор Сергьегьиеи иԥа Доачи

Гьиунгьиор дҭаацәароуп. Иара иԥсҭазаара ицеиҩылшоит Фиқреҭ Чкокԥҳа. Дара рԥа Доач, Калдахәара ақыҭа акәым, Ҭырқәтәыла дыззымдыруа ԥсыуак дыҟоуп ҳәа сыҟам. Арԥыс Сақариа иаԥҵаз амилаҭтә кәашара ансамбль "Аԥсынра" аҿы дшыхәыҷыз инаркны ашкол далгаанӡа ахкы наигӡон. Иԥсадгьыл ахьгьы ансамбль дацны изныкымкәа даахьеит. Гьиунгьиор иакәзар, макьаназы иџьынџьдгьыл иблала ибартә еиԥш изыҟамлацт, аха апандемиа шаанҵәалак ҭаацәала иаар рҭахуп.
Аԥсуа чарақәа зырԥшӡо