Аԥсуа чарақәа зырԥшӡо

© Фото : из личного архива Доача СергегияДоач Сергегия
Доач Сергегия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәашықәса раахыс, Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь иаԥҵоу аԥсуа кәашаратә ансамбль аҟны ахкы назыгӡо, ҩынтә Аԥсны еиҿкааз аконцертқәа ирылахәыз, 19 шықәса зхыҵуа Доач Сергьегьиа иаҳзеиҭеиҳәеит имилаҭтә культура абзиабара шинырыз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Доач жәышықәса анихыҵуаз, иан Фиқреҭ Чкәакәԥҳаи, иаб Гьиунгьор Сергьегьиеи ахәыҷы аԥсуа кәашара иҵарц азы, Адаԥазар ақалақь Озгьиур Сымсым иаԥҵаны имаз ансамбль ахь дрышьҭуеит. Азнык азы, згәы ахымлаз аҷкәын, аамҭакы ашьҭахь, "уажәшьҭа ухазы акәашашьа удыруеит, уалхны даҽакы уазаҳкып" ҳәа иҭаацәа ианиарҳәа, "мап, иаансыжьӡом, ибзианы исҵар, Аԥсныҟа сцоит" ҳәа раҭеикит рԥа.

Доач хореографцәас имаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан ачерқьесцәа, аха иара иидыруа аиҳарак зҿиҵааз Озгьиур Сымсым иоуп.

Аԥсуа ансамбль ҿыц Нарсов аԥҵахеит Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ансамбль ҿыц "Нарсов" аԥҵахеит Ҭырқәтәыла

"Раԥхьа сара сызлаз ансамбль "Нарҭ" ахьӡын, нас "Риҵа" ҳәа ахырҵеит, анаҩс "Аԥсынра", уажәы "Нарсов" ҳәа иҟоуп, напхгаҩысгьы иамоу Озгьиур Сымсым иоуп. Иара ибзоурала акәашашьа здыруа ҳхыԥхьаӡара рацәоуп", - иҳәоит Доач.

2015-2017 шықәсқәа рзы Доач Сергьегьиа 35-ҩык рыла ишьақәгылаз ансамбль дахәҭакны Аԥсныҟа дааит, раионцԥхьаӡа аконцертқәа мҩаԥыргеит.

"Аԥсныҟа ҳцаанӡа ҳгәы хыҭ-хыҭуан. Ҳазегьы иаҳдыруан уи ҳџьынџьдгьыл шакәыз, знык иаҳбанда, ҳауаажәлар ҳрылаԥшында ҳәа ҳхәыцуан. Ҳаԥсадгьыл ҳшьапы анықәҳаргыла инаркны, Ҭырқәтәылаҟа ҳгьежьаанӡа аиҳаби аиҵби ҳавагьежьуан, акы ҳагхар ҳәа ишәон", - Аԥсныҟа раԥхьатәи ицара игәалашәоит акәашаҩ.

Доач иазгәеиҭеит, аконцертқәа раан ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжь шымеихсыӷьуаз. Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа иахьа уажәраанӡа ркультура еиқәырханы, уимоу ԥхьаҟа агара иахьаҿыз еигәырӷьон.

Акәашаратә ансамбль - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷтәы акәашаратә ансамбльқәа "Чагьами" "Амцеи" ахьтәы медалқәа ирыԥсахеит

"Хымԥада Аԥсны еиҳа еиӷьны икәашоит, иҳаиҵбацәаз акырӡа иҳаԥыргон. Сара сгәаанагарала акультура ахьииз ауп еиҳа ауаҩы иахьилаҽо, аха уеизгьы ҳара атәым дгьыл аҿы иҟоугьы иҳарӡуам, ҳазлынхогьы уи амч дҳарбар ҳҭахуп", - ҳәа ҳаилиркааит арԥыс.

Доач Аԥсны ибзианы дыгәныркылеит. Икәашашьеи, иԥшреи, исахьеи ирываргыланы, ҽаӡәы дузиларҩашьом ахьԥшшәы змоу ихәырҳәы ала. Дызбоз зегьы ахылаԥарч ихаз џьыршьон.

"Аԥсны саныҟаз сфотосахьа ицҭысхит исеиԥшыз аҷкәын хәыҷы. Уи иахьагьы гәаларшәагас исымоуп", - иҳәан, иҵәахыз афото сирбеит Доач.

Акәашаҩ бзиа деицырбоит Ҭырқәтәылагьы. "Аԥсуа чарақәа зырԥшӡо" ҳәа изырҳәоит. Иани иаби раԥхьагьы, иара иоуп аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рахь иаарыԥхьо. Доач длаԥшықәҵаны дызмоу аҭыԥҳацәагьы рацәаҩӡоуп.

Арԥыс ансамбль дицалоуп иаҳәшьаду лыԥҳа, милаҭла иарабу, аха зан лҟнытә аԥсуа культура зшьа иалоу, ашьабсҭеиԥш иқәԥраа ԥсоуҵас икәашо Џьеран Езер.

Доач иԥсадгьыл аҿы дахьынӡыҟаз агәыблыра иоуит. Аҩныҟа данаа, иҭаацәа иреиҳәеит аҵара иҵар, ишьапы дықәгылар иџьынџьдгьыл ахь дшыхынҳәуа.

"Аԥсны аҩызцәа бзиақәа сырҳаит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ҭырқәтәыла аҵара зҵоз Омар Коӷониа, Асҭанда Хәаԥшыхәԥҳа. Аҟәа ҳаибадырит, иахьагьы ҳаҭыр еиқәаҳҵоит Олесиа Габлиаԥҳаи сареи", - иҳәоит арԥыс.

Доач Сергьегьиа ансамбль далахәны ҩаԥхьа Аԥсны даҭаарц игәиҭоуп. Аха уи аҩыза алшара ҟамларгьы, зегь акоуп иҵара анхирқәшалак иԥсадгьыл ахь дмаар иуам.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0