Апандемиа ҵысыижьҭеи Урыстәыла COVID-19 зыхьхьоу 10 миллионҩык иреиҳахеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Апандемиа ҵысыижьҭеи Урыстәыла COVID-19 зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 10 016 896 иҟалеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла ҿыц ирыхьит 29 929-ҩык.
"Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазараҿкы (COVID-19) ҿыц ирыхьит 29 929-ҩык арегионқәа 85 рҿы. Убри ахыԥхьаӡараҿы 2306 (7,7%) аклиникатә цәырҵрақәа рымамкәа", - ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.
Иазгәаҭоуп апандемиа ҵысыижьҭеи Урыстәыла COVID-19 зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 10 016 896 шыҟалахьоу. Аизҳара атемп 0,30% ыҟоуп.