Аԥсны

Быҭәба Аԥсны араионқәа рҿы COVID-19 аҿиашьазы: ауаа ҭаацәала ахәшәтәырҭа иҭашәоит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ԥхынҷкәын 11 рызтәи адыррақәа рыла, атәылаҿы 36177 акоронавирус рыхьхьеит, 539-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik. Акоронавирус рыхьны ҭаацәала Аԥсны ахәшәтәырҭақәа ианырҭашәо ыҟоуп иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы.
"Мышқәак раԥхьа Очамчыра араион аҿы иҟаҵаз 80 тест рахьтә абжакы акоронавирус ауаа иршылаз дырҵабыргит. Ауаа ҭаацәала ахәшәтәырҭақәа ирҭашәоит. Адырра ҳамоуп усмҩаԥгатәқәак рышьҭахь х-ҭаацәарак аҿкы рыхьны ахәшәтәырҭақәа ишырҭоу", - иҳәеит иара.
Агәабзиарахьчара аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыцәгьоу, агәҭынчымрагьы шцәырнаго. Уи еиҳагьы еицәанатәуеит атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҿы ачарақәеи аиныхрақәеи ахьымҩаԥырго.
Быҭәба иажәақәа рыла, ажәлар аԥҟарақәа иахьрықәымныҟәо ауп иахьатәи аҭагылазаашьа уадаҩ ахь икылызгаз.