ПМР иҟоу Аԥсны ахаҭарнак атәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа дахцәажәеит

Приднестровиетәи Молдавиатәи Ареспублика ахада иалхрақәа рҿы иқәгылоуп ҩыџьа акандидатцәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын – Sputnik, Бадри Есиава. Приднестровиетәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман еиҭеиҳәеит ԥхынҷкәын 12 рзы атәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа.
"Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, алхратә ҭыԥқәа ианаамҭаз иаатит, ауаа бзианы иааиуеит. Приднестровие иқәынхо ауаа азакәан иақәныҟәоит, аҳаҭыр рбоит, еснагь алхрақәа рыҽрыладырхәуеит, рыграждантә позициа аадырԥшуеит", - иҳәеит иара.
Ватаман иара убас иазгәеиҭеит Аԥснынтәи анаԥшыҩцәагьы шааԥхьаз, аха урҭ уахь анеира рылымшеит, избанзар молдавиатәи аҳәаахьчаҩцәа анаԥшыҩцәеи аекспертцәеи аӡәырҩы аҳәаа иахырмыжьлеит, аҳаирбаӷәазаҟынтә иоурмышьҭит.
Приднестровье ахада иалхрақәа ирылагеит
Атәыла ахадарахьы иқәгылоуп ҩыџьа акандидатцәа: уажәтәи ахада Вадим Красносельскии Григориопольтәи араион ақыҭа Гыртоп аҿы инхо Сергеи Пынзари. Абиуллетенқәа рҿы "зегьы сырҿагылоуп" аграфа ыҟаӡам, ауаа ианамуӡах шаҟа ааираны иҟоу ҳәагьы азгәаҭаӡам.
"Ауаа ианеиҵаха шаҟа ааираны иҟоу ҳәа азгәаҭаны иҟаӡам, аха Молдовеи ҳареи ҳаиҿцәажәарақәа уадаҩны иахьымҩаԥысуа азы, хымԥада, ауаа рацәаҩны иалахәзар еиӷьуп. Иалырхуа ахада ауааԥсыра реиҳараҩкҵәҟьа дшалырхыз убартә иҟалар бзиоуп", - иҳәеит Ватаман.
Приднестровиетәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу ахаҭарнак ишиҳәаз ала, абжьыҭарақәа рҿы аковид аламырҵәаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәоит. Ахыбрақәа рахь асабрада рҿаны иҩналоит, аҭаҩратә еишәақәагьы хара-хара иргылоуп.