Аԥсны

Ԥшьҩык ааха роуит Оҭҳара азааигәара амҩатә машәыр аан

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Ԥшьҩык ауааԥсыра ааха роуит Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Автомобиль "Opel" амҩа хада ианыҵны ажра иҭаҳаит Оҭҳара ақыҭа иахьаҵанакуа. Амашәыр азы адырра ҟалеит ԥхынҷкәын 12 асааҭ 00:20 рзы.
Ааха зауз зегьы ахәшәтәырҭахь инаргеит.