Аԥсны

Аҟәатәи ақалақьтә сааҭ аусура еиҭалагеит

Асааҭ аҳҭнықалақь Моссовет аҟынтә ҳамҭас иарҭеит 1950 шықәсазы, Асовет Еидгылаҿ Аҟәа зегь рыцҳа ицқьоу қалақьс иахьалкаахаз азы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбраҟны икыду асааҭ еиҭашьақәыргылоуп, ҩаԥхьа аус ауеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь Ахадара асаит.
Аҟаза Альберт Зыхәба иажәақәа рыла, асааҭ амеханизм агьежьцыркы ԥхасҭан.
Аԥсны
Аҟәатәи ақалақьтә сааҭ аусура еиԥҟьеит
"Асааҭ акыр шықәса ахыҵуеит, ахәҭақәа хахьеит. Ацыркқәа ахьшьтәы рыхьшьлатәуп, ицәлатәуп, иԥсахлатәуп. Макьаназ аус арура алшоит" , - иҳәеит иара.
Аа-шықәса ирықәуп асааҭ-усхк азҟаза аҳҭнықалақь абааш иахагылоу асааҭ аусура дахылаԥшуеижьҭеи.
"Ԥшьымш рахь знык аус асыруеит", - иҳәеит иара.
Ақалақь ахадара ахыбра 1914 шықәсазы иргылан. 107 шықәса ахыҵуеит. Асаааҭ ҳаҳҭнықалақь Моссовет аҟынтә ҳамҭас иарҭеит 1950 шықәсазы, Асовет Еидгылаҿ Аҟәа зегь рыцҳа ицқьоу қалақьс иахьалкаахаз азы.
Иара убри ашықәс азы ахыбра абааш асааҭ ахаргылан. Ажәлар рҿы "асааҭ зкыду аҩны" ҳәа ахьӡырҵеит.