Аԥсны

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа анымҩаԥгахо еилкаахеит

Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12, 2022 шықәсазы, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 53, ахәҭа 15, "Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа-Апарламент ахь алхрақәа" азакәан 7 ахәҭа инарықәыршәаны.

Аԥсны Жәлар Реизара ахь афбатәи алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12, 2017 шықәсазы. Жәлар Реизарахь адепутатцәа алырхуеит 5 шықәса.
Адепутатрахь кандидатс зхы ықәзыргыло дарбанызаалак алхрақәа рымш аҽны 25 шықәса ихыҵхьазароуп. Адепутатс дзыҟалаӡом аусӡбара иақәшәахьоу, анаркотикатә маҭәашьарқәа зыдызкыло, аҩыжәра иазгагоу, аԥсихикатә чмазара змоу атәылауаҩ. 18 шықәса зхыҵхьоу Аԥсны атәылауаа зегьы ирымоуп азин рыбжьы рҭиирц.