Аԥсны

Аԥсуа боксиор Урыстәыла еизгоу акоманда далалеит урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рышьҭахь

Аицлабрақәа ирылахәын 200 спортсмен Урыстәыла 51 регион рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥсуа спортсмен Даниил Кәыҵниа абокс азы СССР зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Борис Греков игәалашәара иазку Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рҟны аразны медал ианашьахеит ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аԥсны Аҳәынҭеилакы.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан ԥхынҷкәын 4 -11 азы Москва.
"Атурнир амедалқәа рзы еиндаҭлон 226 боксер, 2008 шықәса рзы ииз, Урыстәыла 51 регион рҟынтәи", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсуа боксер 54 кьыла иҟаз ркатегориа далахәын, Краснодартәи атәылаҿацә ахьӡала дықәгылан. Афинал аҿы Кәыҵниа иаԥигеит Курсктәи аспортсмен Георги Некрасов. Иааникылеит аҩбатәи аҭыԥ.
Аԥснытәи абоксер Даниил Кәыҵниа Урыстәылатәи еизгоу акоманда далахәхеит урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рылҵшәақәа рыла 2008-2009 шықәсқәа рзы ииз рыбжьара.
Егьи аԥсуа спортсмен Қьамал Возба 40 кьыла рҟынӡа зкапануа дрылахәны ҩ-қәгыларак рҿы даиааит, акы аҿы даҵахеит.
Аԥсуа боксиорцәа Урыстәылазегьтәи атурнир аҟны аԥхьахә ҭыԥқәа жәба ааныркылеит
Аспортсменцәа азыҟарҵоит Едуард Депелиани Иракли Ҵурҵумиеи. Атурнир ахь аспортсменцәа мҩаԥигон абокс азы Аԥсны азыҟаҵаҩ хада Аслан Ахба. Атурнир аҿы ӡбаҩыс дықәгылан Валериан Арлан.