Арадио

Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп: Ҵәыџьба Лашькьындар инхо иахьатәи рыбзазашьа иазкны

Лашькьындар ақыҭа анхаҩцәа рыԥсҭазаашьа зеиԥшроуи, ахныҟәгаразы лшарас ирымоуи, ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Иура Ҵәыџьба.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.