Аԥсны

Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы аҭыԥцҵақәа аадыртит

Ԥхынҷкәын 11 азтәи адыррақәа рыла аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 36177-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 29067-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 539-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13– Sputnik, Бадри Есиава. Аҽа 30 иара-ҭыԥ аадыртит Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Ангелина Оҭырԥҳа.
Уи аԥхьа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит Гәдоуҭа аҭыԥцҵақәа аадыртраны ишыҟоу.
"Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы абригада цҵа еиҿкаауп ара аҽа 30 иара-ҭыԥ раартразы", - иҳәеит иара.
Быҭәба иажәақәа рыла, нанҳәа 18 рзы Аҟәа иаартыз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны аусура хнаркәшоит, уажәшьҭа ауадаҩрақәа зегьы атәыла амедицинатә еилазаара рыбӷа иқәлоит.
Аминистр имоу аинформациа ала, ԥхынҷкәын 11 азы амедусҳәарҭақәа ирҭоуп 209-ҩык атәыла ауааԥсыра.
Аԥсны
Быҭәба Аԥсны араионқәа рҿы COVID-19 аҿиашьазы: ауаа ҭаацәала ахәшәтәырҭа иҭашәоит