Аԥсны

Гинцбург: "Спутника V" "омикрон" аҿагылараҿы заҟа хра алоу жәамш рыла еилкаахоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" коронавирус аштамм ҿыц "омикрон" аҿагылараҿы заҟа хра алоу жәамш рыла еилкаахоит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы, COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник V" аԥызҵаз Александр Гинцбург.

"Сгәаанагарала жәамш ҳазхоит алаҵа иалоу амчра аилкааразы", - ҳәа иҳәеит Гинцбург.

Уаанӡа Гамалеи ицентр аҳәаанырцәынтә иааз урыстәылаа аштамм "омикрон" ахкы рыднабалеит.
Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара абҵарамзазы имҩаԥнагаз аилатәараҿы аӡбамҭа аднакылеит Аладатәи Африка иазгәарҭаз акоронавирус ахк ҿыц аштамм B.1.1.529 агәҭынчымра аазырԥшуа акәны иԥхьаӡазарц.
COVID-19 "омикрон" аан ахымҩаԥгашьа иалацәажәеит