АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 735-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 177-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык: 80 шықәсеи 48 шықәсеи зхыҵаз ҩыџьа аҳәсеи, 79 шықәсеи 70 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа ахацәеи.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 72 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 93-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 43-ҩык, ибжьаратәуп - 50-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-ы, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 15-ҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҟнытә аҵыхәтәантәи апациентцәа илрыҩааит.