Арадио

Кәыҵниа: Ҭырқәтәыла аҵара зҵо ҳдиаспора рҟынтә ахылаԥшра бзиа ҳамоуп

Аԥснытәи астудентцәа Ҭырқәтәыла ирыԥсҭазаашьоу, аҵаразы лшарақәас ирымоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Сақариатәи ауниверситетқәа руак аҿы аҵара зҵо Сунар Кәыҵниа.
Sputnik
Сынтәа Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациеи русеицурала, еиуеиҧшым азаанаҭқәа рыла Ҭырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалеит 13-ҩык астудентцәа. Урҭ дыруаӡәкуп Сақариатәи ахархәаратә ҭҵаарадыррақәа руниверситет, абаҳчақәеи аҵиаақәеи рааӡара афакультет аҿы аҵара зҵо Сунар Кәыҵниа. Аԥснытәи аҿарацәа Ҭырқәтәыла рҵара шеиҿкаау, насгьы рыԥсшьарамшқәа шырхырго атәы еиҭеиҳәеит иара арадио Sputnik аефир аҟны.
"Ҳара ара Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәа аҭагылазаашьа бзиақәа ҳамоуп, избанзар ҳдиаспора, Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа даара ацхыраара ҳарҭоит, ахылаԥшра бзиа ҳамоуп, иаҳҭахыз азанааҭқәа алхны Ҭырқәтәыла аҵара ҳҭалартә еиԥш алшарақәа ҳаман. Сара араҟа аҵара сҵоижьҭеи ҩышықәсеи бжаки ҵуеит. Аԥхьатәи ашықәс азы аҳәаанырцәынтә иаауа астудентцәа зегь реиԥш аҭырқәа бызшәа ҳҵон, анаҩс ауниверситет аҟны аҵара ҳалагеит", - иҳәеит Кәыҵниа.