Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Чарқазиаԥҳа Гал арҵаҩцәа русура ахәшьара иазкны

Галтәи актәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәа арҵаҩы Џьамила Чарқазиаԥҳа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит арҵаҩы иџьабаа ахә аныршьо шаҟа агәацԥыҳәара инаҭо атәы.
Sputnik
Мышқәак раԥхьа Гал араионтә ҵараҟәшаҟны 26-ҩык арҵаҩцәа кыршықәсатәи, лыҵшәа бзиалатәи русуразы иранашьан аҳаҭыртә бӷьыцқәа. Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Арҵаҩы имш инамаданы, ишдыру еиԥш, иара жьҭаарамзазы ауп ианыҟоу, аха ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы аҿҳәара инахан. Аусмҩаԥгатә шеиҿкаази, аиԥш зеиԥшу азгәаҭарақәа арҵаҩцәа ишрыдыркылои ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Галтәи актәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәа арҵаҩы Џьамила Чарқазиаԥҳа.