Урыстәыла ААР НАТО агәҽанҵара анаҭеит мрагыларахь аҽеиҵыхра ҭакда ишнымхо азы

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ЕААи НОТО егьырҭ атәылақәеи Урыстәыла ашәарҭара иҭазыргыло абџьартә системақәа еиқәшаҳаҭрала рықәыргылара азин ҟазымҵо аҵаҵӷәы рҭахуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13- Sputnik. НАТО уаҳа мрагылараҟа аҽырҭбаара алымшароуп, ус анакәымха ахҟьаԥҟьақәа акыр ихьанҭахоит, абри атәы "Известия" иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ ирҳәеит НАТО ажәа ахьеиларгаз иахылҿиааз
Иара иҳәеит НАТО арҭбаара егьырҭ атәылақәа ирԥырхагамзароуп ҳәа.
Адипломат иазгәеиҭеит Москва ари аҭагылазаашьа азхьаԥшра шанаҭо.

"НАТО аҽырҭбаара ҟамлароуп. Урыстәыла ари аганахь ала азин амамшәагьы ахымҩаԥгара аҭахым. Ҳара ҳтәы ҳхҳәалоит, аха иаҳҿагылоу хаԥышәала рхы мҩаԥыргар, ршәарҭадара аӷәӷәахара ацынхәрас ауадаҩра ишҭагылаз рбар алшоит", - иҳәеит Риабков.

Риабков иажәақәа рыла, НАТО ахаҭарнакцәа Аҩада Атлантикатә алианс мрагылараҟа изеихо атәы дырзом ҳәа.
"Асеиԥш ахымҩаԥгашьа дара рзы ашәарҭара аҵалар ауеит", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Адипломат инаҵшьны иазгәеиҭеит наҟ-ааҟтәи аиқәшаҳаҭрақәа, аҭакԥхықәрақәа, арра-политикатә еидгылақәа рылалараан иаԥҵоу аҳәаақәа ишырхыслатәым.