Аԥсны

Урыстәылатәи амобилтә ковид-госпиталь Аԥсны аусура хнаркәшоит

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа аҩынтә раан иааит нанҳәа 18 рзы, аҿкы зыхьуа ҳуааԥсыра рыцхырааразы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Аҟәа, асасааирҭа "Аиҭар" игылоу амобилтә ковид-госпиталь ақәҵра иаздырхиоит, урҭ арантәи иқәҵуеит ԥхынҷкәын 16 рзы.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы иҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны аусура ду мҩаԥнагеит, уажәшьҭа абжьааԥны иахьгылоу аҭыԥ ахь рҽеидкыланы ицароуп ҳәа.
1 / 6

Урыстәылатәи амобилтә ковид-госпиталь Аԥсны аусура хнаркәшоит

2 / 6

Урыстәылатәи амобилтә ковид-госпиталь Аԥсны аусура хнаркәшоит

3 / 6

Урыстәылатәи амобилтә ковид-госпиталь Аԥсны аусура хнаркәшоит

4 / 6

Урыстәылатәи амобилтә ковид-госпиталь Аԥсны аусура хнаркәшоит

5 / 6

Урыстәылатәи амобилтә ковид-госпиталь Аԥсны аусура хнаркәшоит

6 / 6

Урыстәылатәи амобилтә ковид-госпиталь Аԥсны аусура хнаркәшоит

"Урыстәылатәи ҳколлегацәа аусура ду ҟарҵеит. Уажәшьҭа дара абжьааԥны иахьгылоу аҭыԥ ахь рҽеидкыланы ицароуп. Иахьынӡаздыруа ала, дара ԥхынҷкәын 15 рзы ицоит. Уажәшьҭа аидара зегьы аԥсуа медицинатә еилазаара рыбӷа иқәлоит. Ԥхынгәы - нанҳәамзазы аизҳара шыҟаз еиԥш, уажәгьы ҳхала уи ҳаҿагылароуп", - иҳәеит Быҭәба.
Аԥсны
Быҭәба Аԥсны араионқәа рҿы COVID-19 аҿиашьазы: ауаа ҭаацәала ахәшәтәырҭа иҭашәоит
Амобилтә госпиталь зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоны еиҿкаан.
Ԥшьымз рыҩныҵҟа амедицинатә цхыраара рыҭан ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны ауааԥсыра.
Аԥсны
Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы аҭыԥцҵақәа аадыртит