Вадим Красносельски Приднестровье ахада иалхраҿы аиааира игеит

Приднестровье ԥхынҷкәын 12 азы имҩаԥысит иазхаҵам ареспублика ахада абыжьбатәи иалхрақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13- Sputnik. Приднестровье иахьатәи ахада Вадим Красносельски ареспублика ахадас далхуп 79,4% абыжьқәа иманы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
ПМР иҟоу Аԥсны ахаҭарнак атәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа дахцәажәеит
Приднестровье ԥхынҷкәын 12 азы имҩаԥысит иазхаҵам ареспублика ахада абыжьбатәи иалхрақәа. ААК адыррақәа рыла абжьыҭара иалахәын 144 000-ҩык ауааԥсыра. Атәыла ахадарахьы иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа: уажәтәи ахада Вадим Красносельскии Григориопольтәи араион ақыҭа Гыртоп аҿы инхо Сергеи Пынзари.
Молдавиа амчрақәа алаҳәара ҟарҵахьан алхрақәа азакәан шьаҭа рымам ҳәа. Уи адагьы Урыстәыла ахьӡала иқәгылаз анаԥшцәа - аполитолог, аҭҵаарадыррақәа рдоктор Наталиа Нарочницкаиеи ИАР атәылақәа Ринститут адиректор ихаҭыԥуаҩ Владимир Егорови Молдавиа аполициа атәыла иалармыжьлеит.
Зуааԥсыра рахьтә 60% аурысцәи аукраинцәеи ыҟоу Приднестровие Молдавиа иалҵразы иқәԥон СССР еилаҳаанӡагьы, анационализм ацәқәырԥа иахәланагаланы Молдавиа Румыниа иадлар ҳәа ишәаны. 1992 шықәсазы ари азҵаара Молдавиа аиҳабыра еибашьрала иаӡбарц ианалага, Приднестровие иалшеит уи амчра ахыхра.