Аԥсны

Афон ҿыци Гәдоуҭеи иахьрыҵанакуа аӷбақәеи аԥшаҳәатә цәаҳәеи гәарҭеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭинспекциеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ русзуҩцәа Афон ҿыци Гәдоуҭеи иахьрыҵанакуа аӷбақәеи аԥшаҳәатә цәаҳәеи рҿы агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит.
Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аинспекторцәа иҭырҵааит зышәагаа кьаҿу аӷбақәа ртехникатә ҭагылазаашьеи ирымоу ашәҟәқәеи. Агәаҭарақәа амҩаԥгараан аилагара ӷәӷәақәа азгәаҭамызт.