Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵеит ԥхынҷкәын 15 азы алашара шыҟамло

Афымцатә цәаҳәа "Шьешьелеҭ-1" аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы ахаша сааҭк аҩнуҵҟа алашара ҟалом.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Ԥхынҷкәын 15 асааҭ 11:00 - 12:00 рзы ирцәахоит афымцатә цәаҳәа "Шьешьелеҭ-1" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарыдҳәаланы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Абҵара 16 аахыс Аԥсны аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара алагалоуп афымцацәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Аҽгәара" ирықәу ахьанҭыра ахьырзышьҭымхуа иахҟьаны.
Афымцацәаҳәақәа ражәреи аинфраструктура ахареи иахьатәи афымцамч ахархәара азҳареи ирыхҟьоит аенергетика ауадаҩрақәа.