Арадио

Бебиа еиҭеиҳәеит Лаҭатәи арыцҳара амш игәалашәараҿы ишаанхаз

29 шықәса ҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа еихсны икарыжьижьҭеи ахәыҷқәеи, аҳәсеи, абыргцәеи зҭаз авертолиот. Леон иорден занашьоу, аибашьра аветеран Џьумбер Бебиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи амш игәалашәараҿы ишаанхаз.
Sputnik
Ажьырныҳәа 14 Аԥсны агәалашәара иамшуп. Ари арыцхә аҽны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит Гәдоуҭа, иҭахаз рҳаҭгәын аҟны, авертолиот ахьыҵԥрааз Аҟәарчаԥан аҳаблаҟны иҟоу абаҟа амҵан, убасгьы Лаҭа. 87-ҩык ҭаблит уи авертолиот.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.