"Иахьа Аԥсны аԥсаӡ ахҵәара азин ыҟаӡам. Избанзар, аԥсаӡқәа рхыԥхьаӡара даара имаҷхеит. Ҳара акыр шықәса ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ирызҳархион, аха уажәшьҭа ус еиԥш аҭыԥқәа ыҟаӡам. Аҵлақәа ирызҳароуп, мамзар ашәарҭара иҭагылоит ҳабнақәа. Аԥсны зынӡагьы ахцәаразы азин ыҟаӡам "кавказкая пихта" ҳәа изышьҭоу, аԥсышәала амзаҵла", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭарба.
Аԥсны абнатә нхамҩа аусбарҭа абнанхамҩа аҟәша аиҳабы илҳәеит ашықәс ҿыц ааигәахо ианалагалак русура иаҳагьы ишдырӷәӷәо.
"Аԥсаӡҵлаҵқәа иахьрызҳауа, ауаҩы днеиртә иахьыҟоу аҭыԥқәа, абнахьчаҩцәа иаҳа хылаԥшра арҭоит. Ус еиԥш аҭыԥ ҳамоуп Мамзышьха. Ицәгьоуп даара хылаԥшра аҭара. Аҵла хҵәаны ианаанкылаха, усҟан аҵла ҳара ҳзы иӡуп. Ихадароу урҭ рыхьчароуп. Ауаа аибаԥҟара аҟынӡа иананагогьы иҟоуп. Ҳара ҳаԥшуп ашьха асы анауа ҳәа, убри рԥырхагахан, амҩақәа акындаз ҳәа ҳхәыцуеит. Убри цхыраагӡа дуны иҳамоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭарба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.