Аԥсны

Аԥсны ашықәсҿыцтәи аныҳәамшқәа рзы хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа ирзыԥшуп

Бжьаратәла аныҳәақәа рзы Аԥснытәи атурқәа 4-7 мшы рыҵаркуеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аԥсны ашықәсҿыцтәи аныҳәамшқәа рзы хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа раара иазыԥшуп, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны атуризм аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарала Аԥсны Ҟрым иаԥнагар алшоит
Урыстәылатәи атуроператорцәа иазгәарҭоит ҵыԥх аасҭа сынтәа рхыԥхьаӡара еиҳа ишырацәахаз Аԥсныҟа аара зҭаху. Ԥхынҷкәын 15 ашьҭахь заанаҵтәи аҿаҵарақәа рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа иазыԥшуп. Иҟоуп адкылара ахьаанкылоу аҭыԥқәа.
Атуристцәа иҳарак иалыркаауеит Гагра, Афон, Аҟәа.
Урыстәылатәи атуроператороцәа рдыррала ахәқәа 25 - 35 тнызқьмааҭ ирызтәоит ҩыџьа шьымш аԥсшьараз. Турқәак рҿы иазԥхьагәаҭоуп хынтәтәи акрыфара, атрансфер, аныҳәатә банкет.
Ахархәара роуа иалагеит атур ҿыцқәа – ашьхатә лагер Аӡгара, Тҟәарчалтәи арадонтә ӡҵәыҵәы.
Аԥсны атуризм аминистрра апресс-маҵзура адыррала Аӡгаратәи аныҳәатә тур 13 600 мааҭ иаԥсоуп (31.12-02.01), арадонтә ӡҵәыҵәы аҿы 2000 мааҭ.
Аԥсны
Гагра 2021 шықәсазтәи аԥхынраз еиҳа иалыркааз ахырхарҭақәа иреиуоуп
Атуристцәа рҟынтәи QR-кодқәа ма ПЦР-тестқәа рымазаара аҭахӡам. Аҿкчымазара аԥырҟәҟәаразы аԥкрақәа рыҟамзаара Аԥсныҟа атуристцәа хьанарԥшуеит.
Атәыла ахадара ааԥхьара ҟарҵоит ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы асабрадақәа ныҟәыргаларц, асоциалтә дистанциа иазхьаԥшларц.