Ермантәылеи Азербаиџьани аихамҩа аусура аларгараз ишеиқәшаҳаҭу шьақәдырӷәӷәоит

Бриуссель имҩаԥысит Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан, Азербаиџьан ахада Ильхам Алиев, Еврохеилак ахантәаҩы Шарль Мишель злахәыз х-ганктәи аиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан аҳәамҭа ҟаиҵеит Бриуссельтәи х-ганктәи аиԥылараҿы Ермантәылеи Азербаиџьани аихамҩа аусура аларгараз ишеиқәшаҳаҭхаз.
Аԥсны Урыстәыла иаднагалеит ҳтәыла иалсны Ермантәыланӡа аихамҩа аусура иалагарц
"Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Еврохеилак ахантәаҩы Шарль Мишельи сареи ҳиԥылараан Ермантәылеи Азербаиџьани аихамҩа аусура аларгараз аиқәшаҳаҭра шьақәҳарӷәӷәеит", - ҳәа иҩуеит Пашиниан Facebook аҿы.
Иара иҳәеит, Ермантәыла ишаиуз еихамҩала Исламтәи Ареспублика Ирани Урыстәылатәи Афедерациеи реимадара.
Иара иажәақәа рыла, аихамҩа аус ауеит "аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи аԥҟарақәа инарықәыршәаны".