Аԥсны ахада иусԥҟа инақәыршәаны хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысуеит Жәлар Реизарахь алхрақәа.
"Алхразы агәынамӡарақәа ҟазҵо ҳхымҩаԥгашьоуп. Апарламент аҿы ҳрызҟы зыӡбо далаҳхыр ҳҭахызар, даара ҳазхәыцроуп. Ажәытәуаа ауаҩы ишьҭра иазҵаауан, идырра иазҵаауан, имоузеи, иҟаиҵозеи. Убыс акәын ишазнеиуаз. Ҭакԥхықәрала ҳазымнеир, иҳамоу еицәоу ҟалар ауеит. Ауаҩы убжьы иуҭаанӡа дҭуҵаароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Аԥсны Жәлар Реизара ахь афбатәи алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12, 2017 шықәсазы. Жәлар Реизарахь адепутатцәа алырхуеит 5 шықәса.
Адепутатрахь кандидатс зхы ықәзыргыло дарбанзаалак алхрақәа рымш аҽны 25 шықәса ихыҵхьазароуп. Адепутатс дзыҟалаӡом аусӡбара иақәшәахьоу, анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло, аҩыжәра иазгагоу, аԥсихикатә чмазара змоу атәылауаҩ. 18 шықәса зхыҵхьоу Аԥсны атәылауаа зегьы ирымоуп азин рыбжьы аҭара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.