"Ачымазара ҟалеижьҭеи ҳазҭагылоу аамҭазы ишыцәгьахаз еиԥш иҟамлацызт. Ачымазҩцәа рацәахеит. Ахәшәтәырҭа ҿыц ахь ҳмыиасыцт, абарҭ аҩымш иахьаҳгоз анаҳмоу абжьараҿ ишьҭаҳҵеит ачымазаҩцәа. Агәырқәа зҭаху аауеит, 40-50-ҩык рҟныӡа. Абарҭ уанрылаԥшлакгьы, даара угәы маҷхоит, избанзар, ауаа ааиуеит ацхыраара рҭахуп. Аԥшра анрықәшәо ыҟоуп, аха игәамҵуагьы дубап. Аҳақьым хада лхала аус луеит. Арҭ амшқәа руак лара лҿы саныҩнала аҵәыуара даҿын, убысҟак икарахеит аҳақьымцәа", - ҳәа еиҭалҳәеит Гогәуаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.