АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынҷкәын 1 инаркны аелектрон-цифратә напаҵаҩрала абиуџьеттә шәарақәа рымҩаԥгара ҟалоит ҳәа иҳәеит Афинансқәа рминистр Владимир Делба аиҳабыра реилатәараҿы.
"Ҵыԥхтәи ашықәсаз адҵақәа ҳҿаԥхьа иқәҳаргылеит абиуџьеттә процесс аиӷьтәреи, аԥараҵәахратә еилазаара ахархәарала абиуџьет анагӡара амеханизмқәа рырҿиареи рзы. Аелектрон-цифратә напаҵаҩра акод аҭоуп, иаԥҵоуп ишьақәзырӷәӷәо ацентр. Ашықәс нҵәаанӡа уи ахархәара иалагоит афинансқәа рминистрра, аиҳабыратә еимадара амаҵзура, атәанчахәытә фонд, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра", - иҳәеит иара.
"Ари атехнологиатә ҿиараз ишьаҿа дууп. Араҟа иҟоуп еиуеиԥшым аусдҵақәа, ашәахтә система, афинанстә система уҳәа рҿаԥхьа иқәгылаша", - ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы 40 зҵаара ирылацәажәан.