Аԥсны

Ишьақәыргылоуп урыстәылатәи атәанчахәыҭара ԥхынҷкәынмзатәи аграфик

Аԥсуа тәанчахәы мацара зауа атәанчаҩцәа аԥара роуеит абанкоматқәа рҟынтәи абанктә хсаалагақәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара 2021 шықәса ԥхынҷкәынмзатәи еиқәнаршәеит.
Ԥхынҷкәынмзатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны, ԥхынҷкәын 16, 17 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа. Ԥхынҷкәын 20, 21рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз.
Ԥхынҷкәын 22, 23 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз.
Ԥхынҷкәын 24, 27 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз.
Ԥхынҷкәын 28, 29 рзы - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз.
Ԥхынҷкәын 30, 31 рзы - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.