Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Цыгәба ашьапылампыл акоманда "Саӡ" иазкны

Цандрыԥшь аҳабла ахада ихаҭыԥуаҩ Нали Цәыгәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит раԥхьаӡа акәны сынтәа Аԥсны Ачемпионат аҿы иқәгылаз ашьапалампыл акоманда "Саӡ" шеиҿкаахаз.
Sputnik
"Акоманда еиҿкааны Аԥсны ачемпионат ҳҽалаҳархәит. Ауадаҩрақәа шыҟазгьы ҳус ҳацәхьамҵит. Абыжьбатәи аҭыԥ аанаҳкылазарагьы, аиԥыларақәа рҿы аиааира рацәаны иахьаҳгаз ыҟоуп. Ҳкоманда злаҿыцаз ала, ахәаԥшцәа ргәы иаахәаратәы ҳахәмарит. Ҳгәы иҭоуп иааиуа ачемпионатгьы аҽалархәра. Уи нахысгьы 78-ҩык ахәыҷқәа х-гәыԥкны ишаны разыҟаҵара ҳалагеит. Ҩба-хԥа шықәса рышьҭахь иӷәӷәоу акоманда ақәыԥшцәа рыла аԥҵара ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Цәыгәба.
Цандрыԥшь аҳабла ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит рхатәы ашьапылампылтә дәы аргыларазы аусқәа ахьынӡанагоу, уи злалыршахаз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.