Аԥсны

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь ԥшьымзтәи аусура ашьҭахь Аԥснынтәи ицеит

Амобилтә госпиталь Аҟәа аусура иалагеит нанҳәа 18 рзы. Урыстәылатәи амедусзуҩцәа ҩынтәуп ацхырааразы Аԥсныҟа иаауеижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь ԥшьымзтәи аусура ашьҭахь Аԥснынтәи ицеит. Амашьынақәа реишьҭагыла Аҟәантәи идәықәлеит ԥхынҷкәын 16 асааҭ 6:00 рзы Ставропольтәи атәылаҿацә, Буденновск ақалақь ахь, ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзураҟынтә.
Амобилтә госпиталь Аԥсны аҟазаара иалагӡаны иаднакылеит ҩ-нызқь рҟынӡа ауааԥсыра. Стационар ҳасабла аҽыхәышәтәра иахысит 645-ҩык, амбулатор ҳасабла – зқьи хәышә-ҩык.
Аԥсны
Урыстәылатәи аковид-госпиталь аиҳабы Аԥсны русура аихшьаалақәа ҟаиҵеит
Амобилтә госпиталь Аҟәа аусура иалагеит нанҳәа 18 рзы. Урыстәылатәи амедусзуҩцәа ҩынтәуп ацхырааразы Аԥсныҟа иаауеижьҭеи.
Агоспиталь аиҳабы Абдулмеджид Магомедов иҳәеит амобилтә госпиталь раԥхьа рыҟазаара аасҭа уажәы еиҳа ишырацәаз ачымазара уадаҩны изхызгоз. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, алаҵа ззыҟаҵаз рчымазара еиҳа ишԥсыҽыз.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь 150-ҩык ачымазҩцәа аднакылартә алшара аман. Рнапынҵақәа нарыгӡон шәҩык рҟынҟа арратә медусзуҩцәа. Дара еиқәыршәан иаҭахны иҟаз амыругақәа зегь рыла.