АҞӘА, ԥхынҷкәын 17- Sputnik. Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭинспекциеи Урыстәыла аҳәаахьчаҩцәеи Гагра иахьаҵанакуа аԥшаҳәа агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аԥсны АҶА русзуҩцәеи урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи зышәагаа маҷу аӷбақәеи амшын аҟәареи ргәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит.
Ҩ-катамаранк аԥшәмацәа аԥҟадҵа рырҭеит амшын ахыларазы иахәҭоу амаругақәа рыла еиқәдыршәарц.
Аинспекторцәа иҭырҵааит зышәагаа кьаҿу аӷбақәа ртехникатә ҭагылазаашьеи ирымоу ашәҟәқәеи. Агәаҭарақәа амҩаԥгараан аилагара ӷәӷәақәа азгәаҭамызт.