АҞӘА, ԥхынҷкәын 17- Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АҶА аусбарҭа ақалақьуааи асасцәеи рзы адырра ҟарҵоит ԥхынҷкәын 21, асааҭ 18:00 инаркны ԥхынҷкәын 20-нӡа асыԥса алеиразы ашәарҭара ыҟоуп ҳәа.
Ашәарҭара ыҟоуп ашьхараҿы 1 500 метра аҳаракыраҟны.
Аиқәырхаҩцәа ауаа ирабжьыргоит рхы гәарҭаларц, ашьхаҟа ацара зыгәҭаку, уи мап ацәыркразы.