АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Цандрыԥшь адәқьан аҿы иқәгылаз афонд "Агәыразра аус" аԥареизакырҭа зӷьычыз Гамлет Унаниан даанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла абҵара 12 -13 рзы, Цандрыԥшь адәқьан аҿы аҭаҭын аалыҵ, арыжәтә, афонд "Агәыразра аус" ("Доброе дело") аԥарақәа 65 500 мааҭ ӷәычын.
Гагра араион ААР аусҭҵааратә ҟәша аусҭҵаара мҩаԥнагоит.
Ацәгьа зуз Унаниан иҿахәы иҿыхуп, аамҭалатәи аҭакырҭахь днагоуп.