Аԥсны

Заур Ӷәаџьааи Даниела Родригеси Венесуела еиԥылеит

Венесуела Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 10, 2009 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 17- Sputnik. Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа дылԥылеит Венесуела ААР Европа аусқәа рзы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даниела Родригес. Абри атәы аанацҳауеит адәныҟатәи аусқәа аминистрра асаит.
Аганқәа алацәажәеит ҩ-тәылақәа реизыҟазаашьақәа иахьатәи аҭагылазаашьеи, ԥхьаҟа аҿиаразы иҟаҵатәуи ртәы.
Жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәаразы Венесуела Аԥсны адгылара ишазыхиоу азгәарҭеит.