Арадио

Ҳашыгԥҳа ашықәсҿыцаз Аҟәа иазгәаҭоу азы: имҩаԥаҳамгар ҟалаӡом, ахәыҷқәа ԥшуп

Аҟәа ақалақь аҿы ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы иазгәаҭоу ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳҭнықалақь акультуратә ҟәша аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа.
Sputnik
"Аԥкрақәа иҟоу ҳацныҟәаны аныҳәатә программа шьақәгылоуп, иҳаркьаҿит излауаз ала. Иҟоу аҭагылазаашьа ҳбоит, иаҳдыруеит, аха Ашықәс ҿыц зынӡагьы имҩаԥаҳамгар ҟалом, ари ауаа ргәы ҭнагоит. Ихадоу аԥсаӡ ари амчыбжь азы ирхианы иалгоит, акәша-мыкәшагьы лашарбагала еиқәыршәахоит. Амза 25 инаркны уаҟа иҟалоит имаҷу апрограммақәа, иргылахоит аҵаақәшьқьрырҭа. Иара убас аҳаблақәа рҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә программақәа, уаҟа иргылахоит аԥсаӡқәа. Зынӡагьы ак ҟаҳамҵар ҟалаӡом - ахәыҷқәа аныҳәа иазыԥшуп", - еиҭалҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.